Республика Абхазия, г. Сухум ул. Дзидзария, 40

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп.

Аш аурала аиаҵәеи ашкәакәа ԥшшәи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп.

Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злахәылаз Ашьхарыуа республика (1918 ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ԥшшәахәыла иҟаԥшьу аԥшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара х-цәаҳәаки ираҟароу. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту амаҿа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аԥсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырԥшуп. Аҟаԥшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп.

Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аԥсны аҭоурых дгьылқәа быжьба рыцыԥхьаӡа ыҟоуп: Саӡтәыла, Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа.

Last modified on Tuesday, 23 July 2024 19:52
Яндекс.Метрика