May 02, 2024

г. Сухум ул. Дзидзария, 40

Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит.

Апоет диуеит, аха дыԥсӡом. Зашәақәа узымшьуа Таиф Аџьба иахьа 85 шықәса ихыҵит.

Ҳаԥсшәа ԥшӡа адунеи ақәлара иаԥсан мышкызны иара иажәеинраалақәа алаиҩырц азыҳәан мацарагьы.

Анцәа абаҩхатәра лыԥшаах злеиҵаз ауаҩы, арҿиаҩы. Ухы ианаушьаша иреиӷьу разҟуп — иԥхьара.

***
Исзыԥшыхын ҵыси ҳәыҳәи
Еизаны,
Ашәа сҳәахуан ԥхыӡла сыблақәа
Хҩаны:

"Абри ақәацә хәыҷ са сзыҩнымҵуа,
Анцәа сҟаҵа!
Игәыҟаҵаган сашәа ԥымҵәо,
Анцәа сҟаҵа!

Сыҩны хьшәашәаз, иҟаз сашәа
Цаҳәцаҳәо!
Шәхаҵкы сцааит сара сашәа
Згәаԥхақәо!

Илашьцахааит са сыԥсҭазаарагь
Зынӡа –
Убри акәзар ашәа зхылҵуа
Илашаӡа!.."

Шьоук ааскьахуан рцәашьқәа шьҭыхны,
Са снаскьон –
Шьҭахьҟа сцахуан сара наҟ –
Сааԥшыр ҳәа сшәон.

Са саргәырӷьон, са сарҵәуахуан
Сыбжьы...
Инасыԥын са сызгәылаз
Уи ашәшьы...

 

 

Last modified on Monday, 11 March 2024 20:08
Яндекс.Метрика