Республика Абхазия, г. Сухум ул. Дзидзария, 40

"Адунеи ҳазымдырырц рҭахын": Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭархиви рближьҭеи 31 шықәса ҵит

Ақырҭцәа ирблыз Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра Ақырҭцәа ирблыз Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра

Жьҭаара 22 1992 шықәсазы ақырҭуа ар Аԥсуаҭҵааратә Институти Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә архиви амца ацраҵаны ирыблит. Иахьа уи амш аахижьҭеи 31 шықәса ҵит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага актәи амшқәа инадыркны ақырҭуа ар дҵасгь хықәкысгьы ирыман Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа рблырц. Уи иагьыҟарҵеит жьҭаара 22 1992 шықәса рзы. Ари амш аԥсуаа ҳҭоурых аҟны имшы еиқәаҵәаны иалкаау арыцхәқәа иреиуоуп, ҳаӷацәа еимгеимцарак ала иццышәыртәит аԥсуа жәлар ҳҭоурых зҳәоз зқьыла аусумҭақәа.

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба иазгәеиҭоит ҳаԥсуа ҵарауаа ргәаӷ змаз ақырҭцәа ҷыдала хықәкыс ишрымаз арҭ аҩхыбрак ааха ӷәӷәа рыҭара.

"Ҳҵарауаа рбар ҟаломызт, имшәа-имырҳа Сталин иахь ашәҟәқәа рыҩуан "аԥсуаа рзинқәа еилагоуп" ҳәа иҟам-ианым арбаны. Хымԥада, ҳинститут аҟны аус зуаз аҵарауаа ргәаӷ рыман, ахыбра ааха ӷәӷәа аҭара акәын хықәкысгьы ирымаз раԥхьа инаргыланы. Аныха иаҳзаҩызаз Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт, материалла ибеиаз, акыр зҵазкуаз архив раԥхьа иргыланы иқәгатәын, избанзар ҳмилаҭтә беиареи ҳҭоурых ҵабырги зыршаҳаҭуаз баҟан. Уи ибзиаӡаны еилкааны ирыман ҳаӷацәа. Аха доуҳала ҳаӷәӷәара изазымаиааит," - иҳәоит Арда Ашәба.

Ари ааха дууп, рыцҳароуп аԥсуа ҭҵаарадырраз, избанзар жәашықәсала еизгаз, ҳҵарауаа аџьабаа ду зыдбалан иҭырҵаахьаз русумҭақәа зегьы минуҭқәак ирылагӡаны иццышәха иқәырҵеит.

"Акыр шықәса араҟа аус зуаз, аҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥа Аинститут амца акит ҳәа аниаҳа, дыҩны дааит. Аха уахь дыҩназҵодаз, ақырҭцәа акәшаны игылан. Амца иалаблит зҭыжьра иахьымӡаз, иуникалтәыз аматериалқәа, жәашықәсала еизигоз аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Уи шьҭа зқьышықәсала иаҳзеизымго акакәны иаанхеит, избанзар урҭ зегьы доуҳала ибеиаз, ажәлар рыҿцәажәараан ианиҵаз ҩымҭақәан", - ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.

 

 Афольклор, алитература, абызшәа, аҭоурых, адоктортә диссертациа зыхьчараны иҟаз зегьы рҽахьеидыркылоз, ражәеи рҳәоуи еиқәыршәаны иахьырыӡбоз Аинститут ахыбра аҟны акәын, убраҟа ишьҭан хәы змаӡамыз аусумҭақәа.

Аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Ермолаи Аџьынџьал иинтервиуқәа руак аҟны иҳәахьан, Аԥсуаҭҵааратә институти Архиви рышьҭахь, ақырҭцәа Аԥсуа театри Аҳәынҭқарратә музеии рблыр рҭахын ҳәа.

"Аиашазы, архив змам аҳәынҭқарра - атәылауаҩшәҟәы змам ауаҩы даҩызоуп, иуҳәозар - ажәлар атәылауаҩшәҟәыс ирымоу рархив ауп. Исгәалашәоит, суада адинҭҵаара иазкыз аматериалқәа рыла иҭәын, уи зегьы блит, уажәы акымзарак ыҟаӡам. Абри азы ақырҭцәа жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭазар акәын, избанзар ауаа идҳарбар, идҳардырыр акәын иаҳзыруз, - ари иаанаго ҳахшыҩ, ҳдырра ҳамхра ауп. Ишаҳдыруа ала, ақырҭцәа ирҭахын Аԥсуаҭҵааратә институти Архиви рышьҭахь, Аԥсуа театр, Аҳәынҭқарратә музеи рблыр, аха дара аиааира шыргоз агәра ганы иҟан азы, иаламкьысит", - иҳәеит Аџьынџьал.

Аҳәынҭқарратә архив анырбылуаз, архив хада азааигәара ауахәамақәа ҩба гылан. Насыԥын ирблыз адокументқәа рфотохҩылаақәа уа иахьышьҭаз. Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Еныкь иажәақәа рыла, урҭ реиҭашьақәыргылара иахьазы иалыршоуп.

"Аҳәынҭқарратә архив анырбылуаз, уи азааигәара игылаз ауахәамақәа ҩба рҿы ирблыз адокументқәа рфотохҩылаақәа шьҭан, уи атәы рыздыруамызт ҳаӷацәа. Ауахәамақәа ԥырхага рырымҭеит аҟнытә еиқәханы иаҳзаанхеит. Аха урҭ ирну аԥхьаразы алшара акыршықәса иҳамамызт, ахҩылаақәа ҳцәыӡуа рҟынӡагьы ҳнеит, аха 2016 шықәсазы Чехиа аҳәынҭқарратә архив аҟнытә иааны, ҳҭагылазаашьа анырба, ацхыраара хәыда-ԥсада ишыҟарҵо азы адырра ҳарҭеит. Ҳусуҩцәа абарҭ аматериалқәа аус рыдулашьа ддырҵеит, иаҭаху амыругақәа ҳарҭеит. Иахьа иаҳҳәар ҳалшоит аибашьраан иаҳцәыӡыз ахҩылаақәа шьақәыргылоуп ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Еныкь.

 

Арда Ашәба иажәақәа рыла, иахьатәи ҳаамҭазы Аинститут аказы еиҵаханы иҟаӡам, аԥхьатәи ахаҿра иазыхынҳәны аҭҵаара иаҿуп, меихсыӷьрада аус ауеит.

"Анцәа иџьшьны, ҳазшаз ицхыраарала Аиааира ҳгеит, ҳхаҿра еиқәзырхо иҳамаз ҳҭоурых ҳазыхынҳәит, ихьыԥшым Аҳәынҭқарра шьақәҳаргылеит. Иахьа Аԥсуаҭҵааратә институт ҩаԥхьа ашәқәа аартуп. Аус руеит аҵарауаа нагақәа, урҭ ирышьҭанеиуа анаука згәы ахьыбылуа, збызшәеи зкультуреи ԥхьаҟа аӡыргара зылшо аԥсуа ҿарацәа", - иҳәоит Арда Ашәба.

 

Арда Ашәба иажәақәа рыла, гәаӷшақә аԥсуа бызшәа, аԥсуа доуҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеи иазымдырроуп ҳәа ашәҟәы наунагӡа ҳаныхра азыҳәаны рымч иеигӡомызт ақырҭуа фашистцәа.

"Даара ирыцҳара дуу, ихьаагоу, аԥсуа ҭҵаарадырра ахәаҽра иамшуп ҳәа уԥхьаӡар ҟалоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵаарадырратә институти Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви гәаӷшақә ианырблыз амш. Ашәышықәсақәа царгьы ари цәыргалатәуп, иақәыӡбалатәуп, ҳабжьы ахьынӡанеиуа адунеи иахыҵәартә иҟаҵатәуп аԥсуаа иаҳзыруз аус даҽаӡәы дақәшәаргьы шалшо", - иҳәеит Ашәба.

 

Жьҭаара 22, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви. Уи аамҭазы 673 фонд рҿы иҵәахын 176 нызқь инацны аусумҭақәа, урҭ рахьынтә 160 нызқь усумҭа ықәырхит. Ашәҟәқәа хадаратәла иахьыҟаз ахыбра агәҭантәи акорпус ццышәыртәит. Ирблыз ашәҟәқәа 1810-1980 шықәсқәа рахь иаҵанакуан. Архивтә шәҟәқәа рҟынтә аизгақәа ирныланы икьыԥхьыз ахәҭак ауп еиқәхаз.

 

Ажәабжь Sputnik Аԥсны аҟнытә

Last modified on Monday, 23 October 2023 09:58
Яндекс.Метрика