Мшаҧы 27, 2024

г. Сухум ул. Дзидзария, 40

"Адунеи ҳазымдырырц рҭахын": Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭархиви рближьҭеи 30 шықәса ҵит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Еныкь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 30 шықәса раԥхьа иблыз ашәҟәқәа реиҭашьақәыргалара аус шцо, ҳаамҭаз архив аҭагылазаашьа ртәы.
Жьҭаарамза 22 1992 шықәса ҳҭоурых иазыннажьит иахьа уажәраанӡа шьақәыргылашьа змам ацәыӡ - иқәыццышәаан Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи рзы Аԥсуа институти Аԥсны Аҳәынҭқарратә архиви. Ари ацәгьоура иахҟьаны ҳмилаҭ иацәыӡит иуникалтәу адокументқәеи ҳтәыла аҭоурыхи акультуреи ирызку хәы змам аматериалқәеи.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны, даара аҭоурыхтә ҵакы змоу ашәҟәқәа рышьақәыргыларазы аҭагылазаашьа аԥҵан ҳәа ихациркит аиҿцәажәара Еныкь.
"Архив ахыбра хада ашьҭахь игылан ауахәама хәыҷқәа ҩба. Убра иҵәахны иҟан хәы змам аҩымҭақәа рфотохыԥшылагақәа. Архив ахыбра аныбылуаз, урҭ еиқәхеит. Аха жәабаҟа шықәса аус ҳазрыдуломызт, амаругақәа ҳамаӡамызт. Шықәсқәак раԥхьа Женева имҩаԥысуаз аиԥыларақәа ирыбзоураны аспециалистцәа адыԥхьаланы ахыԥшылагақәа аус рыдулан. Иахьа имаҷымкәа еиқәырхоуп. Аҭоурых ҭызҵаауа имоуп алшара архив аусбраҭаҿы дтәаны аус иуртә еиԥш", - ҳәа еиҭеиҳәеит Еныкь.
Архив иалаблит 99% иҵәахны иҟаз, уаҳа, шамахамзар, иузымыԥшаауа аҭоурыхтә шәҟәқәа ҳәа азгәеиҭеит Еныкь.
Иахьазы 35 нызқь шәҟәы шьақәыргылоуп, ари апроцесс макьана ихыркәшаӡам, даҽа жәабаҟа шықәса ҳадхалоит, аус рыдызулогьы ауаа маҷуп иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Last modified on Maandag, 23 Жьҭаара 2023 10:36
Яндекс.Метрика