Вторник, 23 июля 2024 19:52

Аҳәынҭқарратә гимн — Аԥсны аҳәынҭқарратә символны иԥхьаӡоуп

1992 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра анрыларҳәа, ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарратә гимн.

Аҳәынҭқарратә гимн — Аԥсны аҳәынҭқарратә символны иԥхьаӡоуп, закәанла иарбоу аҭагылазаашьақәа раан инарыгӡо музыка-поезиатә рҿиамҭоуп.

Агимн атекст:
Агимн атекст:
Шәнеибац, шәнеибац,
Аԥсуаа рыҷкәынцәа.
Аԥсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аԥсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аԥсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аԥсынра!
Еҵәa-бырлаш Аԥсынтәла,
Улԥха згәаҵақәа ирҭыԥхо,
Геи-шьхеи рыԥшӡара зыԥшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракоит.
Рада, Раида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гәашьа
Аԥсынтәыла-иԥшьоу атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьоу гылан
Рыжәҩа еибырҭоит уԥацәа.
Шәнеибац, Аԥсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаԥш
Ҳхуп иаҳхымшәо
Ԥеиԥш лаша ҳзыԥшуп!
Шәнеибац, Аԥсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәыргьа,
Анра-ахшара
Шьардаамҭа, Аԥсынра!

Ажәақәа равтор — Геннади Аламиа. Акомпозитор — Валери Ҷкадуа.

Прочитано 174 раз
Другие материалы в этой категории: « Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш
favicon2.png
Государственное архивное управление Республики Абхазия
г. Сухум, Дзидзария, 40.
тел.: +7 (840) 226 12 22, 226 46 32