Хәажәкырамза 27, 1955 шықәсазы диит Аԥсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ-археолог Мушьни Хәымса-иԥа Хәарцкьиа.
М.Хә. Хәарцкьиа аҵара иҵон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аҿы. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны акыр шықәса аус иуан аҭҵаарадырратә усзуҩс. Даараӡа ирацәоуп илагала Аԥсны аполеолитҭҵаарадырра ашьақәыргылараҿы. Мушьни Хәарцкьиа еицырдыруа аԥсуа археолог В.В. Бжьаниа диҵаҩын.
М.Хә. Хәарцкьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс дыҟан, аибашьраан иаарԥшыз игәымшәареи ифырхаҵареи хьтәы нбанла иӡрыжәуп ҳҭоурых адаҟьаҿы. Аибашьҩы, аҵарауаҩ ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш еснагь дазхәыцуан, ижәлар рхьаа ихьаан, Аԥсадгьыл азын дгәыбылҩын.